Аԥсны

Очамчыра аинклиузивтә плиаж аартра иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Очамчыра аинклиузивтә плиаж аартра иалацәажәеит араион ахада Алхас Кациеи Аинклиузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳаи.
Араион ахада апроект адгылара шаиҭо азгәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит "Очамчыра информ".
Гьергьедааԥҳа лажәақәа рыла, Очамчыра зегьы рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара адагьы, еиҳаны атуристцәа аҭааразгьы аусурақәа мҩаԥыргоит.
"Ҳара иаҳҭахуп аинклиузивтә плиаж ақалақь аинфраструктура ҿыц иахәҭакхарц. Аҟәа иҳауз аԥышәа иаҳнарбеит зегьы рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵара — атуристцәа шаднаԥхьало. Агәра згоит, Очамчыра ареабилитациатә туризм аҿиара шалшо", — лҳәеит лара.
Аилахәыра "Иманшәалоу аҭагылазаашьа" аҭира аҟәша аиҳабы Алексеи Раков иазгәеиҭеит, араион аҿы аинклиузивтә туризм аҿиаразы алшарақәа шыҟоу.