АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба хҩык арҵаҩцәа аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ранеишьеит.
Аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵоуп:
Арамиан Александр Александр-иԥа — Пицундатәи аҩбатәи абжьаратә школ абаҩрҵәыра арҵаҩы;
Коӷониа Карина Сергеи-иԥҳа — Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аурыс бызшеи алитературеи рырҵаҩы;
Ҭаркьыл Залита Гьаргь-иԥҳа — Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы.