Аԥсны

Гәынба Путин иирамш идиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Владимир Путин иирамш идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Путин — ҳаамҭазтәи адунеитә ԥхьагылаҩцәа рыбжьара еиҳа анырра ҟазҵо напхгаҩны дшыҟоу.
"Шәҟәыӷара, ахара шәхәыцра, шьаҿа-шьаҿала имҩаԥыжәго аполитика иабзоураны адунеи атәылақәа рыбжьара — Урыстәыла иӷәӷәаӡоу аҭыԥ ааннакылоит, жәларбжьаратәи ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәараҿы алагала ду ҟанаҵоит", — аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бадра Гәынба Владимир Путин иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны ашәарҭадареи асоциал-економикатә ҿиареи рзы иҟаиҵо адгыларазы, агәабзиареи аихьӡарақәеи изеиӷьеишьеит.