АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәа аҿагыларазы урыстәылатәи алаҵа х-нызқь цыра аанахәеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра афтизиопульмонологиеи аҿкычмазарақәеи рзы Амилаҭтә медицинатә центр аклиникатә вирусологиа ацентр аиҳабы Мариа Ласеева.
"Алаҵа амедицинатә усбарҭақәа рахь инагоуп, уаҟа уи хәыда-ԥсада иуоур ауеит", — ҳәа лҳәеит лара.
Алаҵа шәарҭадоуп, урҭ есышықәса иҭрыжьуеит еиҳа ирылаҵәаз аштаммқәа ирҿырԥшу аиҭакрақәа ҳасаб рзуны. Ласеева инаҵшьны иазгәалҭеит, аимҳәа даара иӷәӷәаны иулаҽыр зылшо ҿкчымазараны ишыҟоу, убри аҟнытә амедицинатә усзуҩцәа уи аԥырҟәҟәаареи ачымазцәа рхыԥхьаӡара аиҵатәреи рыҽазыршәо.
Ишәарҭоу ачымазарақәа – агәыхь, арыԥҳачымазара, ашьақарчымазара змоу ауаа, раԥхьа алаҵа рзыҟаҵатәуп. Зцәазтәым аҳәсеи ахәыҷқәеи аимҳәа аҽрыднацалар алшоит ҳәа азгәалҭеит лара.