АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аҵара аминистрра апроект "Аԥсны аполиклиникақәа рҿы ахәыҷтәы уадақәа" ҳамҭас ианаҭеит аԥсуа шәҟәқәа "Анбани" "Пиноккио ихҭысқәеи".
Иааизакны 20 шәҟәы рырҭеит, уада-цыԥхьаӡа ҩба-ҩба аиуратә еиԥш.
Апроект автор Есма Ҟалӷьԥҳа иазгәалҭеит, ашәҟәқәа ҳамҭас риура апроект анагӡаразы акыр зҵазкуа шлагалоу.
Азеиԥшбжьаратәии азанааҭтәии аҵарадырра аҟәша аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа инаҵшьны иазгәалҭеит, ҷыдала аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирызкны аусбарҭа еснагь аиҿцәажәареи аусеицуреи ишазыхиоу.
Апроект "Аԥсны аполиклиникақәа рҿы ахәыҷтәы уадақәа" раԥшьгамҭоуп "Аԥсны акоманда" афиналистцәа. Иазгәаҭоуп Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал ақалақьқәа рмедицинатә усбарҭақәа рҿы ачымазцәа хәыҷқәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵара.