Аԥсны

Ацитрустә шәырқәа рекспорт иалацәажәеит Бадра Гәынба дызлахәыз аиԥылараҿы

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Аԥсны Ахада иусбарҭаҿы Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәараҿы ацитрустә шәырқәа рекспорт иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәара рхы аладырхәит Аминистрцәа реилазаара, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Аҳәынҭстандарт, Акарантинтә инспекциа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата рхаҭарнакцәа.
Гәынба иазгәеиҭеит, анапхгара ишырусу зтауар атәыла анҭыҵҟа идәықәызҵо аарыхыҩцәа иахьынӡазалшо ала ацхыраара рыҭара.
Инаҵшьны иазгәеиҭеит аекспорт азы ашәарақәа Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылаз амҽхак иреиҳамзароуп ҳәа. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура уи хылаԥшра анаҭалоит.
"Анхаҩцәа рҟынтәи закәаншьаҭада аԥаралхраз ахҭысқәа азгәаҭахар, уи еилазгаз аусзуҩы имацара иакәымкәа, дызҵазкуа аусбарҭа аиҳабгьы аҭакԥхықәра дақәыршәахоит", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Сынтәатәи асезон азы Аԥсны 35 000 тонна рҟынӡа аҽаҩра аҭагалара азгәаҭоуп.