АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә системақәа уахыкала украинатәи адронқәа 23 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Белгородтәи аобласти Амшын еиқәеи рҿы жәаба-жәаба дрон ҭадырхеит, хԥа — Бриансктәи аобласт аҿы.
Иара убас, ашьыжь асааҭ 07:00 инаркны 08:00 рҟынӡа аҳаирхыхьчаратә системақәа Амшын еиқәа инахыкны даҽа жә-дронк ҭадырхеит.