Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Киев иҟанаҵаз атеррористтә жәылара аҭак анаҭеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik.Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Киев иҟанаҵаз атеррористтә жәылара – аграждантә хыбрақәа ааха рыҭара аҭакс, иаха аракетақәа "Кинжал" назлоу абџьар ала хыԥхьаӡара рацәала ааха рырҭеит Украинатәи арра-ааглыхратә комплекс аусура еиқәзыршәо аенергетикатә инфраструктуратә ргыларақәа.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра жьҭаара 4 - 10 рзтәи адырра:
Мчыбжьык иалагӡаны Украинатәи арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәеи урҭ русура еиҿызкаауа аенергетикатә инфраструктуреи, абџьар, атехника рымҩангаразы ахархәара зырҭо аихамҩатәи амшынтәи инфраструктуреи, абылтәышьҭаҵарҭақәеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ргыларҭақәеи, УкрАМ аамҭала ргыларҭақәеи, қьырала еибашьуа ргылараҭқәеи БпЛАқәа рылеи еиуеиԥшым абџьаралеи аахақәа фба рыҭоуп.
Харковтәи аобласт аҿы иҟоу ақыҭа Отрадное, ДЖәР аҿы иҟоу ақыҭақәа Кузминовкеи Федоровкеи, Запорожиатәи аобласт аҿы - Нововасилевскоиеи Новогригоровкеи рхы иақәиҭтәуп.
Амчыбжь иалагӡаны Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә системақәа анапхгара зуҭо 18 авиабомба, аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа 30, ахара иҭҟьо аракета "Нептун", 1719 украинатәи дрон карыжьит.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: 667 ҳаирплан, 283 вертолиот, 89,433 БпЛА, 631 зенит-ракетатә комплекс, 25,446 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, РСЗО амашьынақәа 1598, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 30,348, иҷыдоу арратә автомабилтә техника - 43,620.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә системақәа уахыкала украинатәи адронқәа 23 карыжьит