Лыхны аҽаҩраҭагалара аныҳәа официалла аартра аусмҩаԥгатә хацыркын ҽыла амҩасрала. Аҽыбӷаҟазацәа аҳәынҭқарратә бираҟқәа рыманы ашҭа иқәсит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Лыхны "Аҽаҩраныҳәа" даҭааит. Иара араион иқәынхо, иара убас асасцәа аныҳәамш рыдиныҳәалеит.
Аныҳәа иалахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи, Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черкессиантәи иааз асасцәеи. Анхацәа ицәырыргеит амилаҭ чыс, аҩы, ауаҭка, ашәыр, ауҭраҭых.
Иара убас еиҿкаан арлахҿыхратә программа.
Иара убас еиҿкаан арлахҿыхратә программа.