https://sputnik-abkhazia.info/20251012/1058240220.html
Ҭагалантәи абеиара: аҽаҩраныҳәа Лыхнашҭа
Ҭагалантәи абеиара: аҽаҩраныҳәа Лыхнашҭа
Sputnik Аҧсны
Лыхнашҭа — раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 1984 шықәсазы. 12.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-12T19:11+0300
2025-10-12T19:11+0300
2025-10-12T20:16+0300
аԥсны
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0c/1058243308_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_eec3193024efc14ebc5a6b9a74c1ba68.jpg
Лыхны аҽаҩраҭагалара аныҳәа официалла аартра аусмҩаԥгатә хацыркын ҽыла амҩасрала. Аҽыбӷаҟазацәа аҳәынҭқарратә бираҟқәа рыманы ашҭа иқәсит.Аԥсны ахада Бадра Гәынба Лыхны "Аҽаҩраныҳәа" даҭааит. Иара араион иқәынхо, иара убас асасцәа аныҳәамш рыдиныҳәалеит.Аныҳәа иалахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи, Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черкессиантәи иааз асасцәеи. Анхацәа ицәырыргеит амилаҭ чыс, аҩы, ауаҭка, ашәыр, ауҭраҭых.Иара убас еиҿкаан арлахҿыхратә программа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0c/1058243308_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_0775122e3c1c2fa2f06da26a2ced2ee7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, аԥсны, афотосахьақәа
фото, аԥсны, афотосахьақәа
Ҭагалантәи абеиара: аҽаҩраныҳәа Лыхнашҭа
19:11 12.10.2025 (ирҿыцуп: 20:16 12.10.2025) Лыхнашҭа — раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 1984 шықәсазы.
Лыхны аҽаҩраҭагалара аныҳәа официалла аартра аусмҩаԥгатә хацыркын ҽыла амҩасрала. Аҽыбӷаҟазацәа аҳәынҭқарратә бираҟқәа рыманы ашҭа иқәсит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Лыхны "Аҽаҩраныҳәа" даҭааит. Иара араион иқәынхо, иара убас асасцәа аныҳәамш рыдиныҳәалеит.
Аныҳәа иалахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи, Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черкессиантәи иааз асасцәеи. Анхацәа ицәырыргеит амилаҭ чыс, аҩы, ауаҭка, ашәыр, ауҭраҭых.
Иара убас еиҿкаан арлахҿыхратә программа.

Аҽаҩраныҳәа "Лыхнашҭа" мҩаԥыргоижьҭеи сынтәа 41 шықәса ҵуеит.

Аԥсны ахада Бадра Гәынба Лыхны "Аҽаҩраныҳәа" даҭааит. Иара араион иқәынхо, иара убас асасцәа аныҳәамш рыдиныҳәалеит.

Лыхны аҽаҩраҭагалара аныҳәа официалла аартра аусмҩаԥгатә хацыркын ҽыла амҩасрала. Аҽыбӷаҟазацәа аҳәынҭқарратә бираҟқәа рыманы ашҭа иқәсит.

Аҭоурых ду змоу Лыхнашҭа, досу рашҭақәа абыцала ишшны, аҿамаҿа иҭаргалаз ашәыри ауҭраҭыхи рыла ирԥшӡан иҟарҵеит.

Анхацәа ицәырыргеит амилаҭ чыс, аҩы, ауаҭка, ашәыр, ауҭраҭых.

Шьыжьнаҵы амцақәа еиқәырҵеит ашьтәеи абысҭеи армазеиразы.

Аныҳәа ашәеи-ажәеи агмызт.

Аныҳәа иалахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәеи, Афон ҿыц ақалақьи, Ҟарачы-Черкессиантәи иааз асасцәеи.

Раԥхьаӡа акәны аҽаҩраныҳәа мҩаԥган 1984 шықәсазы.

Аныҳәа иузаҟәымҭхо иацу аҽырхәмаррақәа.

Аныҳәа иалахәыз ақыҭақәа ицәырыргеит ажәытә ахархәара змаз, аԥсуа ибзазаратә маҭәарқәеи анаплыхқәеи.

Аныҳәа аҳаҭыр азы, Лыхнашҭа иахыԥрааит аҳаирпланшәарыцақәа.

Аныҳәа иаҭааз асасцәа ргәалаҟазаара бзиан.

Ирацәаҩын амилаҭтә маҭәала зҽеилаҳәан аныҳәахь иааз.

Аныҳәатә программа иацҵо ашҭахь ицәырҵит аҽыхәмарҩцәа.

Аныҳәаҿақәа шьҭырхон аԥсуа жәлари, адунеи аҟны аҭынч ԥсҭазаареи рзы.