Арадио

Аветеринартә маҵзурақәа рыхәԥсақәа шьақәырӷәӷәоуп

Sputnik
Ааигәа Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аветеринартә маҵзурақәа рыхәԥса шьақәыргылан. Изаԥшьгахеи ари азҵаара, ишԥаҭахои уи ԥхьаҟа ахылаԥшра, ахәԥсақәа уаанӡа иҟази уажәтәии акыр рҽырыԥсахма, иазгәаҭоума убасгьы аветеринартә маҵзура иадҵаало хәыда-ԥсада аԥстәы-аԥсаатә ирзыҟаҵахарц зылшо ацхыраара, насгьы аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзурақәа раионцыԥхьаӡа иабанӡарымоу адҵаалара? Абарҭқәа дрылацәажәеит Ареспубликатә ветеринартә маҵзура анапхгаҩы Роман Џьопуа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.