Аԥсны

Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы 50 инареиҳаны ахәаахәҭратә ҿхышәқәа ықәгоуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы 50 инареиҳаны ахәаахәҭратә ҿхышәқәа ықәыргеит.
"Ҳԥшаҳәа аиҭашьақәыргылазы аҽазыҟаҵарақәа актәи ахәҭа мҩаԥысуеит. Уажәазы 55 инарзынаԥшуа ахәаахәҭратә ҿхышәқәа ықәыргахьеит, 40 раҟара аанхеит. Амза 20 рҟынӡа урҭгьы ықәыргоит", — иҳәеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
Ҭагалан Диоскураа рыԥшаҳәа мҽхакы ҭбаала аиҭашьақәыргылара иалагоит. Ҭарба иҳәеит иаарласны уи азы Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи аспециалистцәа шаауа.
Аԥсны
Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәаҿы иҟоу ахәаахәҭратә павильонқәа ықәыргоит