АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Бзыԥ ақыҭан арезервистцәа рҽеизгара шымҩаԥысуа гәеиҭеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-иаҵзура.
Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада ицын атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аштаб хада аиҳабы Владимир Савченко, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.
Гәынба иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьаҟны аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аҵак ду шамоу, инаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала имҩаԥнаго аполитика аҽшамԥсахыз, ашәарҭара шыҟоу.
Жьҭаара 13 инаркны 17 рҟынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа уахи-ҽни аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.