Аԥсны

Белгородтәи аобласт аҟнытә гәыԥҩык ахәыҷқәа ԥсшьара Пицунда иааит

Афронт иаԥну аҭыԥқәа рҟынтәи шәҩык ахәыҷқәа ҩмчыбжьа ԥсшьара Аԥсныҟа иааит, дара гәыԥҩык раамҭа Пицунда ирхыргоит, даҽа гәыԥҩык - Аҟәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Белгородтәи аобласт афронт иаԥну аҭыԥқәа рҟынтәи гәыԥҩык ахәыҷқәа ԥсшьара Аԥсныҟа иааит.
50-ҩык ахәыҷқәа ҩымчыбжь Пицунда раамҭа рхыргоит. Абри аамҭа иалагӡаны ҳасасцәа қәыԥшцәа Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәеи, аԥсабареи, акультуреи ҭырҵаауеит.
Атуризм аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, арҭ Украина Арбџьармчқәа ааха зырҭаз араионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа аҩбатәи ргәыԥ ауп. Раԥхьатәи агәыԥ Аԥсныҟа иаахьан ԥхынгәымзазы.
Аԥсны
Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи