АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Галтәи аӡымҩангагаҿ арҽеиратә усурақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа".
Тҟәарчал араион Ҵхьыр аҳаблан атруба аӡы ахьыцәцоз рыԥшааит. Уи адагьы даҽа ҭыԥк аҿгьы уи аҩыза апроблема ахьыҟаз ԥшаауп.
Гал жьҭаарамза 11 раахыс ӡыда иаанханы иҟоуп, адгьылҳәазара иахҟьаны аӡымҩангага хада аԥхасҭа аиуит. Уи аҭыԥ аԥшаара мышқәак иадхалеит.