АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Урыстәыла аҿар апрограмма ала шәҩык Аԥсны ауааԥсыра "Аныҟәара аҵкыс еиҳау" атур рхы аладырхәит.
"Кремльтәи аԥсшьарамшқәа" апрограмма иаҵанакуеит – Москва, Зараиск, Коломна, Серпухов – иара убас Аиааира Амузеи аҭаареи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи.
"Урыстәыла аҿар апроект Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи астудентцәеи аҿари рыбжьара аимадара арӷәӷәареи аԥышәа аимдареи рзы ари апроект раԥхьаӡатәиқәа иреиуоуп. Ҳара ҳусеицура аринахысгьы аҿиара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп, ҳпроектқәеи ҳпрограммақәеи аԥсуа ҿар рзы раартра азԥхьагәаҭаны иҳамоуп", — ҳәа иҳәеит аиҿкаара анаԥхгаҩы Георги Гуров.
Иара убас, алахәылацәа Аԥсни Урыстәылеи рзы атуристтә маршрутқәеи аҿар еицырзеиԥшу аԥшьгарақәеи реиҿкааразы рхатә инициативақәа рыдгалара рылшоит.