Аԥсны

Ԥсҳәы афымцастанциа аргылара хыркәшахоит жьҭаарамза анҵәамҭазы

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Ашьхақыҭа Ԥсҳәы афымцастанциа аргылара иаарласны ихыркәшахоит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
Аусурақәа зегьы жьҭаарамза анҵәамҭазы ихыркәшахоит.
Уажәазы абетон ақәҵара иаҿуп, агенератор ҿыц азы ауасхыр шьақәыргылоуп. Уи адагьы, афымцацәаҳәақәа рышьаҟақәа шьақәдыргылоит, ацәаҳәақәа кнарҳауеит.
Аԥсны
Ԥсҳәы ақыҭан Аӡфымцастанциа ахыбра арӷәӷәаразы аусурақәа хыркәшоуп