АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Москватәи аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа имҩаԥыргаз асоциологиатә ҭҵаара ареспондентцәа рҟынтәи 65% инареиҳаны Аԥсны ахада Бадра Гәынба иусура ахәшьара бзиа арҭеит.
Аҭҵаара мҩаԥган 2025 шықәса нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы, урҭ рхы рыладырхәит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи 18 - 50 шықәса зхыҵуа, еиуеиԥшым аҵаратә ҩаӡареи ахашәалахәи змоу 600-ҩык ауааԥсыра.
"Шәгәанала, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусура бзиоума, мамзаргьы ибааԥсума?" — ҳәа азҵаара аҭак 42,7% "ибзиоуп ҳәа уҳәартә иҟоуп" рҳәеит, 22,5% — "ҳәарада ибзиоуп" ҳәа.
Иҟан аҳәынҭқарра ахада иусушьа агәахәара знамҭозгьы – 1,3% "ҳәарада ибааԥсуп" рҳәеит, 6,5% "даара ибааԥсуп" ҳәа ахырҳәааит. 27% ари азҵаара аҭак аҭара иазыхиамызт.
Асоциологцәа иазгәарҭеит, ԥхынгәымзатәи адыррақәа ирҿырԥшны, аҳәынҭқарра ахада иусура хра злоу ахәшьара азҭо рхыԥхьаӡара 1 - 1,5 процент рыла ишеиҳахаз, иҵоурамкәа ахәшьара азызуа рхыԥхьаӡара акәзар — ишылаҟәыз.