https://sputnik-abkhazia.info/20251016/asotsaara-arespondenttsa-reiarayk-badra-gynba-iusura-akhshara-bzia-areit-1058335858.html
Асоцҭҵаара ареспондентцәа реиҳараҩык Бадра Гәынба иусура ахәшьара бзиа арҭеит
Асоцҭҵаара ареспондентцәа реиҳараҩык Бадра Гәынба иусура ахәшьара бзиа арҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Москватәи аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа имҩаԥыргаз асоциологиатә ҭҵаара ареспондентцәа... 16.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-16T11:01+0300
2025-10-16T11:01+0300
2025-10-16T11:01+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0c/1058213397_0:0:1620:912_1920x0_80_0_0_be459303033d18e6839d0cde90866b37.jpg
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Москватәи аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа имҩаԥыргаз асоциологиатә ҭҵаара ареспондентцәа рҟынтәи 65% инареиҳаны Аԥсны ахада Бадра Гәынба иусура ахәшьара бзиа арҭеит. Аҭҵаара мҩаԥган 2025 шықәса нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы, урҭ рхы рыладырхәит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи 18 - 50 шықәса зхыҵуа, еиуеиԥшым аҵаратә ҩаӡареи ахашәалахәи змоу 600-ҩык ауааԥсыра. "Шәгәанала, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусура бзиоума, мамзаргьы ибааԥсума?" — ҳәа азҵаара аҭак 42,7% "ибзиоуп ҳәа уҳәартә иҟоуп" рҳәеит, 22,5% — "ҳәарада ибзиоуп" ҳәа. Иҟан аҳәынҭқарра ахада иусушьа агәахәара знамҭозгьы – 1,3% "ҳәарада ибааԥсуп" рҳәеит, 6,5% "даара ибааԥсуп" ҳәа ахырҳәааит. 27% ари азҵаара аҭак аҭара иазыхиамызт. Асоциологцәа иазгәарҭеит, ԥхынгәымзатәи адыррақәа ирҿырԥшны, аҳәынҭқарра ахада иусура хра злоу ахәшьара азҭо рхыԥхьаӡара 1 - 1,5 процент рыла ишеиҳахаз, иҵоурамкәа ахәшьара азызуа рхыԥхьаӡара акәзар — ишылаҟәыз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0c/1058213397_106:0:1546:1080_1920x0_80_0_0_fe9b0839243d70a8051ec6586dba7926.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Москватәи аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа имҩаԥыргаз асоциологиатә ҭҵаара ареспондентцәа рҟынтәи 65% инареиҳаны Аԥсны ахада Бадра Гәынба иусура ахәшьара бзиа арҭеит.
Аҭҵаара мҩаԥган 2025 шықәса нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы, урҭ рхы рыладырхәит Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи 18 - 50 шықәса зхыҵуа, еиуеиԥшым аҵаратә ҩаӡареи ахашәалахәи змоу 600-ҩык ауааԥсыра.
"Шәгәанала, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусура бзиоума, мамзаргьы ибааԥсума?" — ҳәа азҵаара аҭак 42,7% "ибзиоуп ҳәа уҳәартә иҟоуп" рҳәеит, 22,5% — "ҳәарада ибзиоуп" ҳәа.
Иҟан аҳәынҭқарра ахада иусушьа агәахәара знамҭозгьы – 1,3% "ҳәарада ибааԥсуп" рҳәеит, 6,5% "даара ибааԥсуп" ҳәа ахырҳәааит. 27% ари азҵаара аҭак аҭара иазыхиамызт.
Асоциологцәа иазгәарҭеит, ԥхынгәымзатәи адыррақәа ирҿырԥшны, аҳәынҭқарра ахада иусура хра злоу ахәшьара азҭо рхыԥхьаӡара 1 - 1,5 процент рыла ишеиҳахаз, иҵоурамкәа ахәшьара азызуа рхыԥхьаӡара акәзар — ишылаҟәыз.