АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Британиеи Украинеи рыԥшыхәратә маҵзурақәа рҽазыҟарҵоит агазмҩангага "Ҭырқәтәылатәи амҩас" аганахьала адиверсиа амҩаԥгара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Александр Бортников Самарканд имҩаԥысыз Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа ршәарҭадаратә маҵзурақәеи рыԥшыхәратә маҵзурақәеи рнапхгаҩцәа рхеилак 57-тәи аилатәараҿы.
АфШәМ излаанацҳауа ала, MИ-6, SAS ринструкторцәа Урыстәыла, Ҟазахстан, Еиду Америкатәи аштатқәа акционерцәас измоу Каспиатәи амҩангагатә консорциум аобиектқәа адронқәа рыла рыжәларазы асценари аус адырулоит.
Иара убас, аӡсацәа еибашьцәеи амшынтә дронқәеи рхархәара ргәы иҭоуп. Бортников инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла атеррористтә қәыларақәеи адиверсиақәеи шымҩаԥысуа Британиатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа рхылаԥшрала, урҭ иҷыдоу рымчқәа Урыстәылатәи Афедерациа иаҿагыланы имҩаԥысуа аибашьра иалахәуп уҳәар ауеит ҳәа.