https://sputnik-abkhazia.info/20251016/bortnikov-britaniei-ukrainei-agazmangaga-yrtylati-amas-ay-adiversia-azyaroit-1058336009.html
Бортников: Британиеи Украинеи агазмҩангага "Ҭырқәтәылатәи амҩас" аҿы адиверсиа азыҟарҵоит
Бортников: Британиеи Украинеи агазмҩангага "Ҭырқәтәылатәи амҩас" аҿы адиверсиа азыҟарҵоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Британиеи Украинеи рыԥшыхәратә маҵзурақәа рҽазыҟарҵоит агазмҩангага "Ҭырқәтәылатәи амҩас" аганахьала адиверсиа амҩаԥгара ҳәа... 16.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-16T09:50+0300
2025-10-16T09:50+0300
2025-10-16T11:04+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102913/32/1029133286_0:71:1350:830_1920x0_80_0_0_95787759a3eb36043cd177eecafa10b7.jpg
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Британиеи Украинеи рыԥшыхәратә маҵзурақәа рҽазыҟарҵоит агазмҩангага "Ҭырқәтәылатәи амҩас" аганахьала адиверсиа амҩаԥгара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Александр Бортников Самарканд имҩаԥысыз Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа ршәарҭадаратә маҵзурақәеи рыԥшыхәратә маҵзурақәеи рнапхгаҩцәа рхеилак 57-тәи аилатәараҿы. АфШәМ излаанацҳауа ала, MИ-6, SAS ринструкторцәа Урыстәыла, Ҟазахстан, Еиду Америкатәи аштатқәа акционерцәас измоу Каспиатәи амҩангагатә консорциум аобиектқәа адронқәа рыла рыжәларазы асценари аус адырулоит. Иара убас, аӡсацәа еибашьцәеи амшынтә дронқәеи рхархәара ргәы иҭоуп. Бортников инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла атеррористтә қәыларақәеи адиверсиақәеи шымҩаԥысуа Британиатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа рхылаԥшрала, урҭ иҷыдоу рымчқәа Урыстәылатәи Афедерациа иаҿагыланы имҩаԥысуа аибашьра иалахәуп уҳәар ауеит ҳәа.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102913/32/1029133286_75:0:1275:900_1920x0_80_0_0_30f520c46d8a34baa2968ba1f3a6743d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика
Бортников: Британиеи Украинеи агазмҩангага "Ҭырқәтәылатәи амҩас" аҿы адиверсиа азыҟарҵоит
09:50 16.10.2025 (ирҿыцуп: 11:04 16.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Британиеи Украинеи рыԥшыхәратә маҵзурақәа рҽазыҟарҵоит агазмҩангага "Ҭырқәтәылатәи амҩас" аганахьала адиверсиа амҩаԥгара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Александр Бортников Самарканд имҩаԥысыз Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла иалоу атәылақәа ршәарҭадаратә маҵзурақәеи рыԥшыхәратә маҵзурақәеи рнапхгаҩцәа рхеилак 57-тәи аилатәараҿы.
АфШәМ излаанацҳауа ала, MИ-6, SAS ринструкторцәа Урыстәыла, Ҟазахстан, Еиду Америкатәи аштатқәа акционерцәас измоу Каспиатәи амҩангагатә консорциум аобиектқәа адронқәа рыла рыжәларазы асценари аус адырулоит.
Иара убас, аӡсацәа еибашьцәеи амшынтә дронқәеи рхархәара ргәы иҭоуп. Бортников инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла атеррористтә қәыларақәеи адиверсиақәеи шымҩаԥысуа Британиатәи аԥшыхәратә усбарҭақәа рхылаԥшрала, урҭ иҷыдоу рымчқәа Урыстәылатәи Афедерациа иаҿагыланы имҩаԥысуа аибашьра иалахәуп уҳәар ауеит ҳәа.