Гал ақалақь амш азгәарҭеит жьҭаара 17 рзы. Араион ахадара ашҭаҿы имҩаԥган аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.
Школцыԥхьаӡа араион амилаҭтә ҟазшьақәа аазырԥшуа атрадициатә чысқәа зныԥшуаз астендқәа дырхиеит. Аишәақәа рхиан амилаҭ чыс хқәа рыла, агәаҳәара змаз зегьы агьамабара рылшон.
Уи адагьы, авокалистцәеи акәашаратә коллективқәеи злахәыз аныҳәатә концерт мҩаԥган. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аниматорцәа злахәыз арлахҿыхратә программа.