https://sputnik-abkhazia.info/20251018/aala-amsh-gal-93-shysa-akhyra-shazgaraz-1058399671.html
Ақалақь амш: Гал 93 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз
Ақалақь амш: Гал 93 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз
Sputnik Аҧсны
XIX тәи ашәышықәса аҩбатәи аԥшьбарак азы иахьатәи Гала ақалақь аҭыԥ аҿы анхарҭа ҭыԥқәа аргылара иалагеит. 18.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-18T16:15+0300
2025-10-18T16:15+0300
2025-10-18T16:17+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/12/1058399417_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_887a2b741ad40f7250279032e5384cbb.jpg
Гал ақалақь амш азгәарҭеит жьҭаара 17 рзы. Араион ахадара ашҭаҿы имҩаԥган аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.Школцыԥхьаӡа араион амилаҭтә ҟазшьақәа аазырԥшуа атрадициатә чысқәа зныԥшуаз астендқәа дырхиеит. Аишәақәа рхиан амилаҭ чыс хқәа рыла, агәаҳәара змаз зегьы агьамабара рылшон.Уи адагьы, авокалистцәеи акәашаратә коллективқәеи злахәыз аныҳәатә концерт мҩаԥган. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аниматорцәа злахәыз арлахҿыхратә программа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/12/1058399417_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_06272aa1af529c493a3276722e4645f1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, аԥсны, фото
афотосахьақәа, аԥсны, фото
Ақалақь амш: Гал 93 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз
16:15 18.10.2025 (ирҿыцуп: 16:17 18.10.2025) XIX тәи ашәышықәса аҩбатәи аԥшьбарак азы иахьатәи Гала ақалақь аҭыԥ аҿы анхарҭа ҭыԥқәа аргылара иалагеит.
Гал ақалақь амш азгәарҭеит жьҭаара 17 рзы. Араион ахадара ашҭаҿы имҩаԥган аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.
Школцыԥхьаӡа араион амилаҭтә ҟазшьақәа аазырԥшуа атрадициатә чысқәа зныԥшуаз астендқәа дырхиеит. Аишәақәа рхиан амилаҭ чыс хқәа рыла, агәаҳәара змаз зегьы агьамабара рылшон.
Уи адагьы, авокалистцәеи акәашаратә коллективқәеи злахәыз аныҳәатә концерт мҩаԥган. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аниматорцәа злахәыз арлахҿыхратә программа.
Ақалақь 93 шықәса ахыҵра азгәанаҭеит.

Иахьатәи ақалақь аҭыԥ аҿы, анхарҭа ҭыԥқәа аргылара иалагеит XIX тәи ашәышықәса аҩбатәи аԥшьбарак азы.

Раԥхьаӡа акәны ақыҭа ахсаалаҿ иарбахеит 1842–1845 шықәсқәа рзы.

1932 шықәсазы Гал қалақьны ирыларҳәеит.

Уаҟа идыргылеит ачаи фабрикақәа ҩба, аефирхәшатә зауад уҳәа убас егьырҭгьы.

Гал амш азгәаҭараҿы зеиԥшхкы уҭаху ачыс рхиан.

Хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатә иалахәыз гәахәарыла агьамақәа рбон.

Араион ахыбра ашҭаҿы аныҳәатә гәалаҟазаара аныԥшыртә ирхиан.

Аколлективқәа ахәаԥшцәа дырлахҿыхон рыкәашарақәа рыла.

Араҟа еиҿкаан ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵагьы.

Аныҳәахь анхацәа раалыҵ цәырыргеит.

Ақалақь амш азгәаҭараан, акәац акәеиц аҿы ианиӡо аамҭазы.
Аныҳәа рхы аладырхәит араион ақыҭақәа зегьы.

Ари амш азы аҭыԥантәи "Брехаловкагь" еиҿыркааит.

Ақалақь амш азгәаҭара иазкыз аныҳәа мҩаԥысит алахҿыхреи аныҳәатә ӷәалаҟазаареи ацны.