Аԥсны

Курсктәии Белгородтәии аобластқәа рҟынтәи ахәыҷқәа амшынтә круиз рзеиҿкаауп

Курсктәии Белгородтәии аобластқәа рҟынтәи 100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәеи урҭ ранацәеи ҩымчыбжьа аԥсшьара Аԥсныҟа иааит жьҭаара 14 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Курсктәии Белгородтәии аобластқәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аҟәа аӡқәыԥшылараҿы амшынтә круиз рзеиҿкаауп.
Дара аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы дырԥылеит ареспублика атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.
"Ҳара иахьынӡаҳалшо ҳҽазаҳшәоит Аԥсны иреиӷьу аҭыԥ ԥшӡарақәа дырбара, рыԥсшьарамшқәа гәахәарала ирхыргартә, ианцо ацәанырра бзиақәа рыман ицартә еиԥш аҟаҵара", — иҳәеит иара.
Логәуа иазгәеиҭеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы амшынӡы хьшәашәазар, асасцәа амшын ишҭалаз рыгәгьы ишаахәаз.
Курсктәии Белгородтәии аобластқәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ҩымчыбжьа аԥсшьара иааит жьҭаара 14 рзы. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла анапхгареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Украинатәи арбџьармчқәа русмҩаԥгатәқәа ирыхҟьаны ааха зауз арегионқәа рҟынтәи ҩынтәуп ҳреспублика иаҭаауеижьҭеи.
Аԥсны
Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит