АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Аҟәа ВИЕМ иахьаҵанакуа алашара рымаӡам акабель ахьыԥхасҭахаз иахҟьаны ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аҟәатәи афымцаҳақәа рынџьныр хада Алексеи Строчан.
Афымцалашара рымаӡам Гәыма, Санчара, Март 8 амҩақәа рҿы.
Аҭыԥ аҟны аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит. Алашара аныҟало зхьыԥшу иҟалаз аԥхасҭа амҽхак зеиԥшроу ауп.