АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. 250 ҭоԥ аҭаҭын акцизтә дыргақәа зқәымыз рымырхит аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер".
Шәачатәи аҳазалхратә усзуҩцәа Аԥснынтәи ицоз амашьына агәаҭараан аконтрабанда рбеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа.
Амашьына ашьҭахьтәи атәарҭаҿы иҭаз ахәмаргатә мшәҳәыс аҩнуҵаҟа 150 ҭоԥ аҭаҭын ҵәахын, даҽа 100 ҭоԥк амашьынаныҟәцаҩ итәарҭа аҵаҟеи, аԥхьатәи апассаџьыр иҭәарҭа аҵаҟеи иҵәахын.
Аҭаҭын аалыҵқәеи амашьынеи аанкылоуп.
Административтә усқәа аартуп.