Аԥсны

Алиса Гыцԥҳа имҩаԥылго алабораториатә еицлабра ахԥатәи атур аҩбатәи амш хыркәшахеит

Алиса Гыцԥҳа иҩаԥылго алабораториатә еицлабра хыркәшахоит жьҭаара 23 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥгахо аконцерт ду ала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Алиса Гыцԥҳа напхгара зылҭо алабораториатә еицлабра "Амузыка – ҳәаадаеи ахареи аицәажәара" азыӡырҩрақәа ахԥатәи атур аҩбатәи амш хыркәшахеит.
Аԥсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳа иҟалҵаз адыррақәа рыла, иахьа имҩаԥысит "Аккомпанементә ҟазара" азы аконцертмеистерцәа реицлабра.
Аицлабра алауреатцәеи аҭыԥантәи ашәаҳәаҩцәеи, Аҳәынҭфилармониа ахкҳәаҩы Нана Черқьезиԥҳаи авокалтә иллиустраторцәа раҳасабала иқәгылеит.
Гыцԥҳа лажәақәа рыла, иацы имҩаԥысит "Акамертә шәаҳәара" азыӡырҩра, иара убас "Аоператә шәаҳәара" аконкурсантцәа рыла еидҵоу аоркестр аҽазыҟаҵара иахьа иазгәаҭан, уи далахәхон никарагуатәи ашәаҳәаҩ Катерин Веласкес.
Аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Аскар Абдразаков, Москватәи аконсерваториа апрофессор Светлана Бондаренко, иара убас Алиса Гыцԥҳа лхаҭеи рмастер-классқәа.