Аԥсны

Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" иалҵшәаны иҿыцу ихьыԥшым амедиа-брендқәа аԥҵахоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" иалҵшәаны иҿыцу ихьыԥшым амедиа-брендқәа аԥҵахоит ҳәа амодуль алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгыло иазгәеиҭеит Иавтономтәу, икоммерциатәым аиҿкаара "Диалог" анапхгаҩы Владимир Табак.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ауаажәларра аинформациахь ирымоу агәрагара зхықәкы лассы-лассы иобиективу аинформациа акәӡамкәа, ахатә гәаанагарақәа рыдгалара зхықәку, ашҳам зҵоу, иалкаау ажәабжьқәа рыҟазаара ақәыӷәӷәара иақәшәеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Иара иажәақәа рыла, аудиториеиԥш апрофессионалцәа рзгьы агәаҳәара ҟазҵо ҭыԥны иҟало иалагаз ихьыԥшым амедиа-бренд ҿыцқәа раԥҵара даара иаҭахуп.
"Аҟазарҭа амҩаԥгара ашьҭахь ас еиԥш иҟоу апроектқәа жәпакы раларгара ҳазхәыцуеит. Урҭ аԥсуа уаажәларраҿы амедиа хархәара аусбарҭаҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ааныркылоит", — иҳәеит Табак.
"Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец инаҵшьны иазгәалҭеит амедиапрограмма агәҭаны еснагь ауаҩы дшыҟоу.
"Амедиа ауаа рыда ҟалашьа амам. Ауаа аус руеит акадр аҿы, алшарақәа аԥырҵоит, ауадаҩрақәа рыӡбоит, есыҽны иҟашәҵо азы аинформациа рхы иадырхәоит", — лҳәеит лара.
Лара лажәақәа рыла, апроект хықәкы хадас иамоуп зегьы зыгәра рго ахыҵхырҭақәа – амҩаԥгаҩцәа роума, аинфлиуенсерцәа роума, мамзаргьы ауаажәларратә гәаанагара еиҿызкаауа роума, игәрагоу аинформациа ахьроуша аинформациатә ҭагылазаашьа аԥҵара.
Илҳәеит апроект алахәылацәа еицлабуа акәымкәа, урҭ еицырзеиԥшу хықәкык – ареспублика амедиа-сфера арӷәӷәареи, уи Аԥсны аҿиареи аизҳазыӷьареи рзы алагалеи рзы рымчқәа шеибырҭар акәу.
Аԥсны
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль аатит Пицунда