АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Бадра Гәынба Арратә операциа ҷыдаҿы иҭахаз аԥсуа хатәгәаԥхарауаҩ Беслан Ҭарба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара далахәын ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аусмҩаԥгатә иара убасгьы далахәын аԥыза-министр Владимир Делба.
Аҳәынҭқарра ахада иҭахаз иҭаацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит, Беслан Ҭарба аиашара ахьчара ихы шақәиҵаз, уи ифырхаҵаратә ус наунагӡа аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы ишаанхо азгәеиҭеит.
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥсыжра мҩаԥысит Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы.