АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба: Sputnik Аԥсны хымԥада саԥхьоит.
Иара иҳәеит хаҭала аинформациатә маҵзура дшаҭаахьоу, уа апрофессионалцәа аус шыруа шидыруа.
"Sputnik Аԥсны аԥсуа журналистика иаланагалеит аҷыдарақәа. Урҭ рахь иаҵанакуеит ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи аԥсуа журналистикаҿы иаанхаз атрадициатә знеишьақәеи. Аколлектив ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада аексклиузивтә хҳәааҿы.
Иахьа Бадра Гәынба даҭааит Пицунда имҩаԥысуа апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль. Аусмҩаԥгатә иалахәуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәа: Марианна Кәбрааԥҳа, Наала Мықәԥҳа, Арда Лышәԥҳа, Анжела Бебиаԥҳа, Альбина Жьиԥҳа.