АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Гиви Смыр иҭыхымҭа "Аԥсыԥ" Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Акультура аминисттра.
Аҟазаратә усумҭа Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳа иаалхәеит Дамеи Қәычбериа ицхыраара иазкны Афонд "Ашана" еиҿнакааз агәыҳалалратә аукцион аҿы.
Иахьа акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа агалереиа анаԥхгаҩы Сурам Сақаниа илҭеит.
Иара агалереиа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа ацәыргақәҵа иахәҭакхоит, аԥсуа ҟазара иазҽлымҳау ирбартә иҟалоит.