Аԥсны

Гәынба: Аԥсуа журналистика хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа амоуп, амедиа аусхк еизҳарҳароуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Бадра Гәынба: Аԥсуа журналистика хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа амоуп, урҭ еиқәырханы, атехнологиа ҿыцқәа ҳасаб рзуны, амедиа аусхк аҿиара аҭатәуп.
"Ҳара иаҳҭахуп ҳтәыла абжьы рдуны, еилыкка игарц, Аԥсны абжьы миллионҩыла ауааԥсыра рҟынӡа инеирц", — ҳәа иҳәеит атәыла ахада, арҵаратә модуль "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәылацәа аԥсшәа раҳәо.
Иара алахәылацәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, аицлабра алахәхара дасу рзанааҭтә лшара аарԥшразы ишхәарҭа дуу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" раԥхьатәи амодуль Пицунда ақалақь аҿы иаатит жьҭаарамза 20 рзы. Иара иалахәуп 533-ҩык рахьынтә иалххаз 54-ҩык амедиаусзуҩцәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы.
Аԥсны
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль аатит Пицунда