АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Алиса Гыцԥҳа имҩаԥылго Жәларбжьаратәи аицлабра-лабораториаҿы Никарагуатәи ашәаҳәаҩ Катерин Веласкес дықәгылоит ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Никарагуа Аоператә шәаҳәара афонд "Инканто" апресс-конференциа мҩаԥнагеит Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа далахәны, Афонд ахапанагӡаҩы жәларбжьаратәи аицлабра лалахәхара иазкны.
Афонд анапхгаҩы Лауреано Ортега иазгәеиҭеит ари аусмҩаԥгатә Никарагуа аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рзы алшара ҿыцқәа шаанартуа, ҭабуп ҳәа реиҳәеит Алиса Гыцԥҳаи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци ашәаҳәаҩ лалахәхара ахьдырманшәалаз азы.
Инар Ладариа иҳәеит, аԥсуа хәаԥшцәа рҿаԥхьа ари ақәгылара никарагуатәи аоператә шәаҳәаҩы Катерин Веласкес лзы раԥхьатәи қәгылараны ишыҟало, аусмҩаԥгатә аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы акыр зҵазкуа шьаҿоуп ҳәагьы азгәеиҭеит.