АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Софиа Сақаниаԥҳа Палермо имҩаԥысыз аоператә ашәаҳәаҩцәа Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра аҿы аԥхьахә ҭыԥ аанылкылеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳа.
Лара Аԥсни Урыстәылеи рыхьӡала дықәгылеит еицырдыруа "Массимо" ихьӡ зху атеатр асценаҿы.
Софиа Сақаниаԥҳа Алиса Гыцԥҳа лыхьӡ зху аҩбатәи Жәларбжьаратәи аконкурс-лабораториа Агран-при далауреатуп.