Аԥсны

Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль хыркәшахеит

Жьҭаара 20 - 22 рзы Пицунда имҩаԥысуан апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль. Уи 500-ҩык рахьынтә иалхыз 54-ҩык алахәылацәа еиднакылеит. Урҭ рыбжьара иҟан ажурналистцәа, аблогерцәа, амаркетологцәа, АИХ-қәа русзуҩцәа, иара убас Sputnik Аԥсны ахаҭарнакцәагьы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль хыркәшахеит.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа Урыстәылатәи амедиа аҟазацәа рҟынтәи адыррақәа риура мацара акәымкәа, урҭ рҟазара апрактикаҿы рхархәашьагь иалацәажәеит.
Абренд-архитектор, адизаинер Лука Чкадуа иазгәеиҭеит, амодуль хәарҭа хадас иаиуз акыр зҵазкуа ауаҩытәыҩсатә лшарақәа – алахәылацәа рабадырра шакәу, иара иажәақәа рыла аԥхьаҟа еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡаразы агәыӷра имоуп.
Амаркетолог Лиубов Крутелиова лажәақәа рыла, апроект қәҿиарала еиднакылоит ажурналистикеи амаркетинги.

"Сара абарҭ ахырхарҭақәа еидызкыло сакәны схы збоит. Амаркетологцәа, ажурналистцәа, асоциалтә медиа аспециалистцәа – ҳара зегьы аинформациа ауааԥсыра рҟынӡа анагара шьақәҳаргылоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Ажурналист Есма Гәаланӡиаԥҳа иазгәалҭеит, ҷыдала ишылгәаԥхаз аҵара апрактикатә формат – акомандаҿ аусура, агәҭак ҿыцқәа рылагара, узышьццылахьоу рҳәаақәа рҭысра, лара лгәаанагарала, апроект алахәхара ҷыдала агәацԥыҳәара унаҭоит.
"Амедиа даара ирласны аҿиара амоуп. Ҳара уи ҳаҵамхароуп. Актәи амодуль аҿы ҳара иаҳҵеит авидео, асоциалтә медиа, амци ахҭысқәеи ралкаара – абарҭ зегьы сара аҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала даара акраҵанакуеит", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аенергетика аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Салима Лабиаԥҳа.
Жьҭаара 20 инаркны 22 рҟынӡа Пицунда имҩаԥысуан апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" актәи амодуль. Уи 500-ҩык рахьынтә иалхыз 54-ҩык алахәылацәа еиднакылеит. Урҭ рыбжьара иҟан ажурналистцәа, аблогерцәа, амаркетологцәа, АИХ-қәа русзуҩцәа, иара убас Sputnik Аԥсны ахаҭарнакцәа Марианна Кәыбрааԥҳа, Наала Мықәԥҳа, Арда Лышәԥҳа, Альбина Жьиԥҳа, Анжела Бебиаԥҳа, Саида Жьиԥҳа.
Аԥсны
Апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" иалҵшәаны иҿыцу ихьыԥшым амедиа-брендқәа аԥҵахоит