Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи ромбудсменцәа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы ҩганктәи аусеицура иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Москва Аԥсни Урыстәылеи ромбудсменцәа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы ҩганктәи аусеицура иалацәажәеит.
Аиԥылараҿы Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Урыстәыла ахада иҿы иҟоу аомбудсмен Мариа Львова-Беловеи Аԥсны ахәыҷтәы аомбудсмен Мактина Џьынџьолԥҳаи амеморандум анагӡаразы иалкаау ашьаҿақәеи, аҩ-ҳәынҭқаррак рҿы аомбудсменцәа рыусбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи ирылацәажәеит.
Аԥсуа ган ихадароу атемақәа жәпакы азгәанаҭеит:
ахәыҷтәы психиатриатә усбарҭақәа рыҿиара,
амедицинатә маругақәа реиҭарҿыцра,
ахәыҷқәа акибершәарҭарақәа рацәыхьчара.
Аиԥылара ашьҭахь Џьынџьалԥҳа Львова-Белова ҳамҭас илылҭеит, Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ркультуратә еизааигәара асимвол аҳасабала Фазиль Искандер иновелла ала агәаларшәаратә монета "Чик".