Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра алахәын Москва имҩаԥысуаз аконгресс

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аделегациа алахәын Москва имҩаԥысуаз IV Амилаҭтә конгресс "Амилаҭтә гәабзиарахьчара" ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистрра хаҭарнакра азыруеит аминистр Едуард Быҭәба, Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хада аҳақьым- арентгенолог Сариа Лакәаԥҳа.
Аусмҩаԥгатә апрограмма иаҵанакуеит агәабзиарахьчара иадҳәалоу ихадоу атемақәа : амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аҭара, афедералтә проектқәа рынагӡара, афинансттә ҭышәынтәалара, акадртә лшарақәа рыҿиара, аусхк ацифратә трансформациа, агәыцқьаратә крыфара аларҵәара, агәабзиара еизырҳаратә ҭагылазаашьа аԥҵара.
Аконгресс алахәылацәа иреиуоуп Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко, Москва ақалақь ахада Сергеи Собианин, Сбербанк ахада Герман Греф, иара убас аекспертцәа.