Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит аԥшьаша, жьҭаара 23 рзы

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Уаҵәы, жьҭаара 23 рзы Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит Аенергетика аминистрра.
220 кВ амчхара змоу Тҟәарчалтәи Аҳәынҭқарратә араионтә фымцастаниаҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны, Очамчыратәи афымцацәаҳәа ашьыжь асааҭ 07:00 инаркны асааҭ 8:00 рҟынӡа иаҿыххоит.
Сааҭк лашарада иаанхоит Аҟәа, иара убас Аҟәа, Тҟәарчал, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа.
Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, аусурақәа рызкуп аӡын аамҭазы афымцамчла аиқәыршәара аиӷьтәреи аиԥҟьарақәа раԥырҟәҟәаареи.