АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Абзазаратә ҭахрақәа рхархәаразы афымцамч анашьҭаразы ауаажәларратә оферта аиқәшаҳаҭра ахархәаҩцәа рзинқәа еиланагоит ҳәа азгәалеиҭеит Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы аомбудсмен Анас Кьышьмариаԥҳа.
Аҳәынҭқарра аԥыза-министр Владимир Делба иахь иҟалҵаз ааԥхьараҿы лара иазгәалҭеит аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа афымцамчхара аиԥҟьареи ахаҭабзиара аҟамзаареи, иара убас абонентцәа аԥхасҭа риуреи рзы "Амшынеиқәафымцамч" аҭакԥхықәра шԥнакуа.
Кьышьмариаԥҳа иазгәалҭеит, абонентцәа ииашам аԥҟарақәа ирықәшаҳаҭхымхар шамуа, ус анакәымха афымцамч рымамкәа иаанхар шрылшо, уи анаплакы амонополиатә ҭагылазаашьала ахархәара шакәу.
Лара ааԥхьара ҟалҵоит ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы, ари аиқәшаҳаҭра аԥыхзарц, анаплаки абонентцәеи реизыҟазаашьақәа аграждантә зин ала еиҿкаазарц. Уи азы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгазарц лҳәеит.