Аԥсны

Аҟәа урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист Ольга Дубинскаиа лмемориалтә ӷәы аартуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист Ольга Дубинскаиа лыхьӡала амемориалтә ӷәы аартуп.
Уи арежиссиор дахьынхоз Воронов имҩа №11 аҿы игылоу аҩны аҭӡамц икыдырҵеит.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит Апарламент, Аԥсны акультура аминистрра, ақалақь ахадара, Ауаажәларратә палата рхаҭарнакцәа, Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳа, Дубинскаиа лҭаацәа, лҩызцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Ольга Дубинскаиа урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист, афотоҭыхҩы, апоет, ажурналист, апродиусер.
Лара Владислав Арӡынба изку раԥхьаӡатәи урыстәылатәи адокументалтә фильм "Владислав изхьаара" давторуп. Акиносахьа анҭыҵ ашьҭахь, Дубинскаиа акинофестиваль "Страна Души" аҿы Агран-при ланашьахеит.
Акинорежиссиор Аԥсны "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ланашьоуп. 2012 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит.