https://sputnik-abkhazia.info/20251023/aa-urystylati-arezhissior-adokumentalist-olga-dubinskaia-lmemorialt-y-aartup-1058507863.html
Аҟәа урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист Ольга Дубинскаиа лмемориалтә ӷәы аартуп
Аҟәа урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист Ольга Дубинскаиа лмемориалтә ӷәы аартуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист Ольга Дубинскаиа лыхьӡала амемориалтә ӷәы аартуп. 23.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-23T13:51+0300
2025-10-23T13:51+0300
2025-10-23T15:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058504199_0:30:1280:750_1920x0_80_0_0_4dd901c46043ccb61396087bb051ce6f.jpg
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист Ольга Дубинскаиа лыхьӡала амемориалтә ӷәы аартуп. Уи арежиссиор дахьынхоз Воронов имҩа №11 аҿы игылоу аҩны аҭӡамц икыдырҵеит. Аусмҩаԥгатә иаҭааит Апарламент, Аԥсны акультура аминистрра, ақалақь ахадара, Ауаажәларратә палата рхаҭарнакцәа, Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳа, Дубинскаиа лҭаацәа, лҩызцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Ольга Дубинскаиа урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист, афотоҭыхҩы, апоет, ажурналист, апродиусер. Лара Владислав Арӡынба изку раԥхьаӡатәи урыстәылатәи адокументалтә фильм "Владислав изхьаара" давторуп. Акиносахьа анҭыҵ ашьҭахь, Дубинскаиа акинофестиваль "Страна Души" аҿы Агран-при ланашьахеит. Акинорежиссиор Аԥсны "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ланашьоуп. 2012 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058504199_121:0:1160:779_1920x0_80_0_0_2ca533619742ff668264ce759069d693.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист Ольга Дубинскаиа лыхьӡала амемориалтә ӷәы аартуп.
Уи арежиссиор дахьынхоз Воронов имҩа №11 аҿы игылоу аҩны аҭӡамц икыдырҵеит.
Аусмҩаԥгатә иаҭааит Апарламент, Аԥсны акультура аминистрра, ақалақь ахадара, Ауаажәларратә палата рхаҭарнакцәа, Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳа, Дубинскаиа лҭаацәа, лҩызцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.
Ольга Дубинскаиа урыстәылатәи арежиссиор-адокументалист, афотоҭыхҩы, апоет, ажурналист, апродиусер.
Лара Владислав Арӡынба изку раԥхьаӡатәи урыстәылатәи адокументалтә фильм "Владислав изхьаара" давторуп. Акиносахьа анҭыҵ ашьҭахь, Дубинскаиа акинофестиваль "Страна Души" аҿы Агран-при ланашьахеит.
Акинорежиссиор Аԥсны "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ланашьоуп. 2012 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит.