Аԥсны

Аԥсны ахәыҷқәа акибершәарҭарақәа рҟынтәи рыхьчара рӷәӷәахоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik. Аԥсны ахәыҷқәа акибершәарҭарақәа рҟынтәи рыхьчара рӷәӷәахоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа IX Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциаҿы.
Ахәыҷтәы лажәақәа рыла, ашәарҭара зҵоу онлаин-хәмаррақәа ареспубликахьгьы иаланагалеит, 2022 шықәса аахыс атәыла анапхгара арккаратә усура азхьаԥшра арҭо иалагеит.
Лара иазгәалҭеит акибершәарҭарақәа еснагь рҽышырыԥсахуа, урҭ рҿагыларатә методқәагьы рыԥсахра шхымԥадатәиу. Убри азы, аҳәаанырцәтәи аколлегацәа рԥышәа рымдара акраҵанакуеит.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит аусура комплексла ашьақәыргылара шахәҭоу, ахәыҷқәеи, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи шалархәтәу.
Хара имгакәа Аԥсны ицәырҵран иҟоуп ацәгьаршцәа рҟынтә ухы ухьчарц, ма ршьацҳәа уаҿашәахьазар иҟауҵаша азы ихәарҭоу аинформациеи абжьгарақәеи рзы Telegram-канал.
Иахьа Москва иаатит IX Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа реимдара". Аконференциа Аԥсны ахаҭарнакцәагьы рхы аладырхәуеит.