АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Аҳауахьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 111 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Зегь реиҳа ирацәаны иҭархан Ростовтәи аобласт аҿы — 34, Бриансктәи аҿы — 25. Калугатәи аобласт аҿы икажьын 11 дрон, Новгородтәи аҿы — 10.
Белгородтәи аобласти Ҟрыми иҭадырхеит быжьба-быжьба дрон, Тулатәи аобласт аҿы — хәба, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы — 4.
Волгоградтәии Ориолтәии аобластқәа рҿы урыстәылатәи арбџьармчқәа иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа ҩба-ҩба, Липецктәии Твертәии аобластқәа, Москватәи арегион, Азовтәи амшын рҿы — акака.