Аԥсны

Апрограмма "Анхарҭа 2026-2028" есышықәса 80 миллион мааҭ азоужьхоит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 24 - Sputnik. Есышықәса аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа 2026-2028" 80 миллион мааҭ азоужьхоит иҳәеит Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
Уи иазгәеиҭеит 2025 шықәсазы апрограмма анагӡара 60 миллион мааҭ шазоужьыз. Иара убас еизҳауеит ацхыраара амҽхакгьы: азыҳәа ҟазҵо ироуеит 1,2 миллион мааҭ иреиҵамкәа, уи инацҵаны аҭаацәара ахаҭарнакцәа рыцыԥхьаӡа рзы шәкы-шәк нызқь мааҭ, аха иааизакны 1,7 миллион мааҭ иреиҳамкәа.
Аинтервиу шеибгоу шәахәаԥшыр шәылшоит ВКонтакте аҿы арадио Sputnik адаҟьаҿы.
Аҳәынҭқарратә хықәкытә программа "Анхарҭа" 2021 шықәса инаркны аус ауеит, уи социалла ихьчам, ацхыраара зҭаху ауаа анхарҭа ҭыԥқәа рыла реиқәыршәара иазырхоуп. 2023-2025 шықәсқәа рзы апрограмма анагӡара 180 миллион мааҭ азоужьын – есышықәса 60-60 миллион мааҭ.