Аԥсны

Аҟәа иазгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа рымш

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Аԥсны иазгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа рымш ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит амилициа аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи, аҟәшақәа рнаԥхгаҩцәеи.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иазгәеиҭеит, азинхьчаратә усбарҭақәа рзы аветеранцәа аҵак ҷыда шрымоу, урҭ еиҵагыло абиԥара ҿа рааӡараҿы рлагала шдуу.
Иҳәеит, иахьа аус зуа аҿар, дара раԥхьа аус зуаз инарыгӡоз рҵасқәа еиқәырханы реихаҳара шыруалу. Реиҳабацәа рԥышәа дара рзы ишҿырԥшыгоу.
Адныҳәаларақәа ҟарҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Владимир Џьынџьал, Аибашьра аветеранцәа рассоциациа ахантәаҩы Аслан Дгебиа, Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеранцәа реиҿкаарақәа рҟынтәи асасцәа.
Аусмҩаԥгатә аҿы аветеранцәа акыр шықәса рмаҵзуратә уалԥшьа анагӡареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рзы агәаларшәаратә ҳамҭақәа ранашьан. Иара убас, 1992–1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахази руалԥшьа анагӡараан иҭахази амилициа аусзуҩцәа рымемориал аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.