Аԥсны

Амилаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" раԥхьатәи ачемпионат хацыркхоит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Амилаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" раԥхьатәи ачемпионат аатуеит Аҟәа жьҭаара 26 рзы ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Аԥхьахәҭыԥ агаразы еиндаҭлоит ԥшь-командак: Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ, "Ҷлоу", "Кәтол", Афонҿыцтәи "Аԥсар".
Иара убас имҩаԥысуеит ақәыԥшцәа раԥхьахәгара, уаҟа еиндаҭлоит иӷәӷәақәоу ҳәа иԥхьаӡоу Аҟәа, Дәрыԥшь, Ԥақәашь, Ҷлоу рҟынтәи хә-командак.
Ахәмаррақәа мҩаԥысуеит Аҟәа Ареспубликатә стадион аҿы. Иалагоит асааҭ 12:00 рзы.
"Аимҵакьачара" — аԥсуа жәлар рмилаҭтә хәмарроуп, регби ахәмарра еиԥшуп. Ҩыџьа алабақәа кны, ампыл ҩхалаҵаны лабала иасны, досу икоманда ириҭо ампыл асратә хәмарроуп.