АҞӘА, жьҭаара 25 - Sputnik. Москва имҩаԥысит VIII Адипломатцәа ҿарацәа рфорум "Аиааира адипломатиа" аҿы Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Адипломатцәа ҿарацәа рхеилакқәа рхаҭарнакцәа хганктәи аилацәажәарақәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Сынтәатәи афорум Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵреи, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара 80 шықәса ахыҵреи, ахырхарҭа рацәа змоу асистема ҿыц ашьақәгылареи, ацифратә технологиақәеи, аҿар рполитикеи, аспорти, аҵарадырреи, акультуреи рҿы аусеицуреи ирызкуп.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Асҭанда Патараиа, Нури Хәарцкьиа, Нана Чачхалиаԥҳа. Дара адипломат ҿарацәа реимадареи еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рылшарақәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Ас еиԥш аиԥыларақәа адипломат ҿарацәа рыбжьара азанааҭтәи хаҭалатәи аимадарақәа арӷәӷәоит, рԥышәа еимырдоит, агәрагаратә еицәажәарақәа рзы алшарақәа рзаԥнаҵоит, Ари акыр зҵазкуа шьаҿоуп, абиԥара ҿа жәларбжьаратәи аусеицура аҿиара аганахьала", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿы иҟоу Адипломатцәа ҿарацәа рхеилак ахантәаҩы Асҭанда Патариаԥҳа.
Аусмҩаԥгатә азкуп жәлар рдипломатиа 100 шықәса ахыҵра, имҩаԥысуеит Россотрудничествои Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломаттә академиеи рыцхыраарала. Иара мҩаԥысуеит жьҭаара 28 рҟынӡа.