АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Амҵәыжәҩақәа змоу аракета ҿыц "Буревестник" аԥышәарақәа хыркәшоуп. Абри атәы Урыстәыла Арбџьармчқәа Рыштаб хада аиҳабы Валери Герасимов Иреиҳаӡоу Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Владимир Путин иеиҳәеит.
Аиадертә мчы змоу аракета аԥышәарақәа хыркәшахеит жьҭаарамза 21 рзы. Уи 15 сааҭ рыла 14 нызқь км иахысит, иара уи еиҳангьы иалшоит.
Герасимов иазгәеиҭеит "Буревестник" иамоу атехникатә ҟазшьақәа аҳауахьчаратә системақәа ираҩсны, ахьчара ӷәӷәақәа змоу ахықәкқәа иахьыҟазаалакгьы рықәшәара алшоит ҳәа.
"Ҳара иаҳдырроуп, ари асистема ҿыц змоу абџьар закәу, насгьы иарбан классу изҵанакуа. Ҳара уи хархәашьас иаҳҭаша ҳаӡбароуп, насгьы ҳарбџьармчқәа рҿы уи ахархәаразы аинфраструктура аиқәыршәара ҳалагар ауп", — ҳәа иажәа хиркәшеит Путин.