АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа Иреиҳаӡоу Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Владимир Путин ауааԥсыра рҭахарақәа рхыԥхьаӡара армаҷреи Украинатәи Арбџьармчқәа рыруаа рыҭҟәареи рзы адҵа ҟаиҵеит.
"Ҭоурыхла иаҳдыруеит Урыстәыла ар изиааиз раӷа иахь арыцҳашьара шаадырԥшуаз. Ҳаргьы убас ҳныҟәароуп", — ҳәа инаҵшьны иҳәеит ахада Аштаб хада аиҳабы Валери Герасимови Арратә операциа ҷыда иалахәу агәыԥқәа рыдҵаҟаҵаҩцәеи иареи реиԥылараҿы.
Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит аҭынч уааԥсыра иахьшәарҭам аҭыԥқәа рахь ралгараан урҭ ирҭаху ацхыраара зегьы рырҭаларц.