АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Алхыҩцәа алхырҭатә ҭыԥқәа рахь шьыжьы инаркны инеиуеит.
Алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа аиҳабы Борис Ҷолариа иажәақәа рыла, алхратә ҭыԥ аадырҭит ашьыжь асааҭ 08:00 рзы, раԥхьатәи алхыҩцәа ашә аҿы иԥшын.
Аҟәа инхо Витали Бигәааи Ҭимур Ҷанбеи Sputnik иазеиҭарҳәеит, дара агәалаҟазаара бзиа рыманы абжьыҭара ишааз. Дара алхрақәа ҭышәынтәаланы ишымҩаԥысуа, ақалақь аринахысгьы аҿиара шаиуо азы агәыӷра шрымоу рҳәеит.
Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра аиҳабы Ирина Агырԥҳа лыбжьы лҭиит, ҷыдала иазгәалҭеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа аҵак ду шрымоу, илҳәеит уи макьана ауаажәларра инагӡаны еилкааны ишрымам.
"Аха ҳара ҳаҿиара ҳаҿуп. Сгәанала, зегьы бзиахоит. Аҿар агәацԥыҳәара рымоупа, аилибакаарагь ҟалароуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.